Ҳазҭагылоу аамҭазы аҳаҟьаҿы аџьыка зхыхуа аҳәса рхыԥхьаӡара маҷуп. Аҳаҟьа иаԥсахит аџьыкахра аус зырмарио, аха ахаҭабзиареи агьамеи лазырҟәуа амаҭәахәқәа. Аҷандара ақыҭан инхо Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа акыр шықәса ҵуеит апырпыл рацәаны еиҭалҳауеижьҭеи, аџьыка кьыла рацәала иҟалҵоижьҭеи.
"Аҳаҟьа иқәысҵоит апырпыл, араҳана, аџыш, ахәысхәа уҳәа ауҭраҭыхжәлақәа. Раԥхьа апырпыл бзианы иҟәаҟәатәуп, иара аҟәаҟәара иаҭахуп амч. Нас иаҭаху ахаа-мыхаақәеи аџьыкхыши асҭоит. Аџьыкхыш ибзианы иаҭатәуп, избанзар ахаҳәи ахаҳәи рыбжьара иара ауп изхыхуа апырпыл. Шаҟа ииашаны еибыуҭо аҟара ирласны унапаҿы иааиуеит. Блала ауп ишеибысҭо сара. Аџьыкхыш маҷны иамазар ауп, ианакәзаалак, избанзар аԥсуа џьыкҵәаҵәа аџьыкхыш маҷны иамазар ауп, агьама агоит ҳәа иԥхьаӡоуп азы", — ҳәа амаӡақәа еиҭаҳәо иаҳлырбон аҳаҟьаҟны аџьыка аххышьа Алла Сабуаԥҳа-Чычԥҳа.
Аҳаҟьа аџьыка ықәуххырц уманшәалахарц азы акәамаҵамарақәа дыртәуп. Раԥхьаӡа иргыланы махәҿыла уӷәӷәазар ауп, ахаа- мыхаа, аӡы, аџьыкхыш ишахәҭоу еибыҭазар ауп. Литрак аџьыка ухыхырц азы аҳаҟьа сааҭк еиҳаны уқәзар ауп.
Аҳаҟьаҟны аџьыка аилалара ианалагалак ибаҟаӡа иҟамларц азы аӡы аҭатәуп, ижәпаӡа иҟалар иманшәалахаӡом.
Аҳаҟьаҟны аџьыка аилалара ианалагалак ибаҟаӡа иҟамларц азы аӡы аҭатәуп, ижәпаӡа иҟалар иманшәалахаӡом.