"Дәрыԥшьтәи аҟармаҵыс" Ражден Гәымба

Анапаҵаҩра
Аԥсны зҽаԥсазтәыз акульутра аусзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреиат, Аԥсны Жәлар рартист, ашәаҳәаҩ, адирежиор, акомпозитор Ражден Гәымба иԥсы ҭаны дыҟазар, цәыббрамза 12 аҽны, ихыҵуан 91 шықәса

Ражден Џьгәаҭан-иԥа Гәымба диит цәыббра 12 аҽны, Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан. Иара дравторуп хкы рацәала ашәақәеи, ашәҟәқәеи. Дырмит Гәлиа, Алықьса Џьонуа, Алықьса Лашәриа, Иван Ҭарба, Кьаршьал Чачхалиа, Баграт Шьынқәба уҳәа ирацәаҩны ражәеинраалақәа ирылхны амузыка иҩуан.

Ажәабжь инарҭбаан шәаԥхьар ҟалоит абра>>

"Ражден Гәымба жанрала еиуеиԥшымыз амузыкатә ԥҵамҭақәа аԥиҵеит. Апрофессионалтә композитор иаԥҵамҭақәа зегьы шьаҭас ирымаз, цәасгьы ирхоу жәлар рфольклортә мелодиақәа роуп, аԥсуа жәлар рашәақәа роуп. Ражден Гәымба иашәақәа анотақәа хаз шәҟәны иҭыҵхьеит. Иҭижьхеит "Раԥхьатәи аԥсуа асимфониа", иқыҭа Дәрыԥшь иазкны исимфониатә увертиура "Агәырӷьара", аконтатақәа "Апартиа", "Ленин", "Аԥсынтәыла – амратәыла". Ражден Гәымба илшеит композиторк иаҳасабала иаԥҵамҭақәа ажәлар ргәаҟынӡа анагара, еиҳарак илирикатә ашәақәа. Напхгара зиҭоз ахортә аколлетивқәа иманы акырџьара агастрольқәа дцахьан. Иара иҿаҳҵааз рацәоуп, дабжьгаҩын, дымҩақәҵагаҩын", ҳәа иҳәоит акомпозитор Кәасҭа Ченгьелиа.

Еицырдыруа аԥсуа композитор Ражден Гәымба иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 21 аҽны, 2007 шықәсазы.

© Foto / из архива семьи ГумбаРажден Гәымба Чаиковски ихьӡ зху аконсерваториа аҟны аҵара аныиҵоз аамҭазы
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
1/15
Ражден Гәымба Чаиковски ихьӡ зху аконсерваториа аҟны аҵара аныиҵоз аамҭазы
© Foto / из архива семьи ГумбаАԥсуа жәлар рашәақәа назыгӡоз ахор. Ражден Гәымба ари ансамбль напхгара аиҭон 1956 инаркны 1965 шықәсанӡа.
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
2/15
Аԥсуа жәлар рашәақәа назыгӡоз ахор. Ражден Гәымба ари ансамбль напхгара аиҭон 1956 инаркны 1965 шықәсанӡа.
© Foto / из архива семьи ГунбаРажден Гәымба иҩызцәа композиторцәа рааигәара
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
3/15
Ражден Гәымба иҩызцәа композиторцәа рааигәара
© Foto / из архива семьи ГумбаРажден Гәымба напхгара зыиҭоз ансамбль аконцертқәа руак аҟны.
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
4/15
Ражден Гәымба напхгара зыиҭоз ансамбль аконцертқәа руак аҟны.
© Foto / из архива семьи ГумбаРажден Гәымба Қарҭ аҵара аныиҵоз рҵаҩцәас имаз рааигәара.
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
5/15
Ражден Гәымба Қарҭ аҵара аныиҵоз рҵаҩцәас имаз рааигәара.
© Foto / архив семьи ГумбаРажден Гәымба иҭаацәа.
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
6/15
Ражден Гәымба иҭаацәа.
© Foto / их архива семьи ГумбаРажден Гәымба "Паҵеикәаҵәа қәачала" захьӡу Баграт Шьынқәба иажәеинраала ашәа аналихуаз аамҭазы.
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
7/15
Ражден Гәымба "Паҵеикәаҵәа қәачала" захьӡу Баграт Шьынқәба иажәеинраала ашәа аналихуаз аамҭазы.
© Foto / из архива семьи ГумбаРажден Гәымба Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҟны аус аниуаз аамҭазы.
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
8/15
Ражден Гәымба Аҟәатәи арҵаҩратә институт аҟны аус аниуаз аамҭазы.
© Foto / из личного архива семьи ГумбаБаграт Шьынқәбеи Ражден Гәымбеи аинтеллигентцәа рхаҭарнакцәа рыгәҭаны.
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
9/15
Баграт Шьынқәбеи Ражден Гәымбеи аинтеллигентцәа рхаҭарнакцәа рыгәҭаны.
© Foto / из архива семьи ГумбаРажден Гәымбеи Аԥсны анҭыҵ акомпозитарцәеи рааигәара.
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
10/15
Ражден Гәымбеи Аԥсны анҭыҵ акомпозитарцәеи рааигәара.
© Foto / из архива семьи ГумбаАԥсуа жәлар рашәаҳәаратәи рыкәашаратәи ансамбль алахәылацәа рыгәҭаны.
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
11/15
Аԥсуа жәлар рашәаҳәаратәи рыкәашаратәи ансамбль алахәылацәа рыгәҭаны.
© Foto / из архива семьи ГумбаАԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәбеи акомпозитор Ражден Гәымбеи.
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
12/15
Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Баграт Шьынқәбеи акомпозитор Ражден Гәымбеи.
© Foto / из архива семьи ГумбаЖәлар рашәаҳәаратә ансамль адирижерс даныҟаз аамҭазы.
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
13/15
Жәлар рашәаҳәаратә ансамль адирижерс даныҟаз аамҭазы.
© Foto / из архива семьи ГумбаРажден Гәымба акомпозиторцәа реизараҟны.
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
14/15
Ражден Гәымба акомпозиторцәа реизараҟны.
© Foto / из архива семьи ГумбаАкомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба иусуратә уадаҟны.
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба - Sputnik Аҧсны
15/15
Акомпозитор, адирижер, ашәаҳәаҩ Ражден Гәымба иусуратә уадаҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0