Кәтолаа ачаи хырхуеит

Анапаҵаҩра
Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы ииасыз амчыбжь аҩныҵҟа аусуҩцәа шә-тоннак рҟынӡа ачаибӷьы ҿырххьеит. Ачаиплантациақәа рҟны аусуҩцәа шьыжь шаанӡа инаркны иаахәлаанӡа аус руеит.

Атехника аганахь ала уадаҩра ыҟам, қәрала акыр ишнықәсхьоугьы аус ауеит, иҳәоит анаплакы адиректор Роман Ҷкадуа.

"Еизгоу ачаи аус адуларазы иҳашьҭуеит. Иҳагәҭакуп зықь-тонна рҟынӡа ачаибӷьы аҿыхра. Аԥхынразы ацәаакыра аиур еиҳагьы еиҳахар ҟалоит", — иҳәоит иара.

Зытрактор аремонт азура иаҿыз аусуҩцәа руаӡәк иҳәоит: "Аус умур аӡәгьы акгьы уиҭом" ҳәа. Уажәазы ачаи ахыхраҿ ахархәара рымоуп атракторқәа фба.

"Ҳәарада, амыругақәа акыр инықәсхьеит. Аамҭа бзиак ҟалар, аҳәынҭқаррагьы ҳацхраауазар акәхап. Ҳаамҭа иақәшәо амашьынақәа ҳаур бзиан", — иҳәоит Ҷкадуа.

Иара иажәақәа рыла атәыла Ахада ипрограмма инақәыршәаны ачаи аусхк аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Очамчыра араион иахьаҵанакуа 800 гектар рҟынӡа еиҭашьақәургылар алшоит. 

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАчаи напыла ианҿырхуаз аахыс аамҭақәа акыр шцахьоугьы ус хьанҭоуп
Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы - Sputnik Аҧсны
1/12
Ачаи напыла ианҿырхуаз аахыс аамҭақәа акыр шцахьоугьы ус хьанҭоуп
© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАчаи ҿырхуеит амра анкацеиуагьы
Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы - Sputnik Аҧсны
2/12
Ачаи ҿырхуеит амра анкацеиуагьы
© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАчаи аусхк аҿиара апрограмма инақәыршәаны 2017 шықәса рзы 150 гектар рҟынӡа ачаи плантациақәа еиҭашьақәыргылоуп
Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы - Sputnik Аҧсны
3/12
Ачаи аусхк аҿиара апрограмма инақәыршәаны 2017 шықәса рзы 150 гектар рҟынӡа ачаи плантациақәа еиҭашьақәыргылоуп
© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИҿырхыз ачаи машьынала афабрикахь иргоит
Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы - Sputnik Аҧсны
4/12
Иҿырхыз ачаи машьынала афабрикахь иргоит
© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМашьынак аҭарцәразы сааҭыбжак рҟынӡа аамҭа аҭахуп
Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы - Sputnik Аҧсны
5/12
Машьынак аҭарцәразы сааҭыбжак рҟынӡа аамҭа аҭахуп
© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрԥшшара аҟәша. Араҟа ачаи мышқәак ирзышьҭоуп
Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы - Sputnik Аҧсны
6/12
Арԥшшара аҟәша. Араҟа ачаи мышқәак ирзышьҭоуп
© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАроллертә цех. Ирԥшшоу ачаи абрахь иаарышьҭуеит. Уи ара ирхыхуеит
Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы - Sputnik Аҧсны
7/12
Ароллертә цех. Ирԥшшоу ачаи абрахь иаарышьҭуеит. Уи ара ирхыхуеит
© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАххра ашьҭахь иара шә-градуск рҟынӡа ашоура ахьыҟоу арҩара иахрыжьуеит
Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы - Sputnik Аҧсны
8/12
Аххра ашьҭахь иара шә-градуск рҟынӡа ашоура ахьыҟоу арҩара иахрыжьуеит
© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКәтолтәи ачаи фабрика аусзуҩ
Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы - Sputnik Аҧсны
9/12
Кәтолтәи ачаи фабрика аусзуҩ
© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКәтолтәи ачаи фабрикаҿы иаздырхиахьеит 20 тонна аалыҵ
Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы - Sputnik Аҧсны
10/12
Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы иаздырхиахьеит 20 тонна аалыҵ
© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАилыхырҭатә цех Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы
Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы - Sputnik Аҧсны
11/12
Аилыхырҭатә цех Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы
© Sputnik / Томас ТхайцукАилыхырҭатә цех аусзуҩы
Кәтолтәи ачаи фабрикаҿы - Sputnik Аҧсны
12/12
Аилыхырҭатә цех аусзуҩы
Ажәабжьқәа зегьы
0