https://sputnik-abkhazia.info/20161116/ahuchkua-rzi-aeciklopedia-raphiadza-akuni-akiph-abeit-1019880996.html
"Ахәыҷкәа рзы аенциклопедиа" раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит
"Ахәыҷкәа рзы аенциклопедиа" раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит
Sputnik Аҧсны
Аӡыргара мҩаԥысит ахәыҷқәа рхәыцреи, ргәынкылареи, рыгәцаракреи аизырҳаразы еиуеиԥшым аметодикатә материал еидызкало "Ахәыҷкәа рзы аенциклопедиа" захьӡу... 16.11.2016, Sputnik Аҧсны
2016-11-16T17:21+0300
2016-11-16T17:21+0300
2016-11-16T17:22+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101988/08/1019880823_0:115:1920:1200_1920x0_80_0_0_bd4e0510425cdbd8944664600281a868.jpg
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2016
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101988/08/1019880823_0:54:1920:1261_1920x0_80_0_0_fa5a60920bc5737068a82a62986d549e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
"Ахәыҷкәа рзы аенциклопедиа" раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит
17:21 16.11.2016 (ирҿыцуп: 17:22 16.11.2016) Аӡыргара мҩаԥысит ахәыҷқәа рхәыцреи, ргәынкылареи, рыгәцаракреи аизырҳаразы еиуеиԥшым аметодикатә материал еидызкало "Ахәыҷкәа рзы аенциклопедиа" захьӡу ашәҟәы. Арадио Sputnik Аԥсны аҟны ашәҟы аиқәыршәаҩ аҭҵааратә усзуҩ, Аԥсуа бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә фонд аметодист Маиа Амҷԥҳа дазааҭгылеит ашәҟы аиқәыршәареи, еиднакыло аматериалқәеи ртәы.
"Ахәыҷкәа рзы аенциклопедиа" захьӡу ашәҟәы автор аҭҵааратә усзуҩ, Аԥсуа бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә фонд аметодист Маиа Амҷԥҳа лажәақәа рыла, ашәҟәы аҭыжьра аидеиа лызцәырҵиижьҭеи акыр шықәса ҵуан, аматериал аизгара хәы-шықәса даҿын. Ашәҟәы иагәылоуп 112 цыра аԥсуа поетцәа иреиӷьу рхәыҷҭәы поезиа аҟынтәи ажәеинраалақәеи, алакәқәеи, ажәабжьқәеи. Аенциклопедиа иануп х-нызқь цыра сахьа.
Маиа Амҷԥха инаҵшьны иазгәалҭеит аенциклопедиаҟны ихадаратәу факторуп ахәыҷқәа рзы аҽаршьцыларақәеи, адҵақәеи ирхәмарны иахьрызнагоу. Аметодист лажәақәа рыла, аԥсуа бызшәа арҿиартә фонд аҟны напы аркуп аиԥш зеиԥшу аенциклопедиа аҭыжьра еиҳа еиҳау ахәыҷқәа рзы.