Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

"Ахәыҷкәа рзы аенциклопедиа" раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит

© Sputnik / Томас Тхайцук"Ахәыҷкәа рзы аенциклопедиа" раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит
Ахәыҷкәа рзы аенциклопедиа раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡыргара мҩаԥысит ахәыҷқәа рхәыцреи, ргәынкылареи, рыгәцаракреи аизырҳаразы еиуеиԥшым аметодикатә материал еидызкало "Ахәыҷкәа рзы аенциклопедиа" захьӡу ашәҟәы. Арадио Sputnik Аԥсны аҟны ашәҟы аиқәыршәаҩ аҭҵааратә усзуҩ, Аԥсуа бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә фонд аметодист Маиа Амҷԥҳа дазааҭгылеит ашәҟы аиқәыршәареи, еиднакыло аматериалқәеи ртәы.

"Ахәыҷкәа рзы аенциклопедиа" захьӡу ашәҟәы автор аҭҵааратә усзуҩ, Аԥсуа бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә фонд аметодист Маиа Амҷԥҳа лажәақәа рыла, ашәҟәы аҭыжьра аидеиа лызцәырҵиижьҭеи акыр шықәса ҵуан, аматериал аизгара хәы-шықәса даҿын. Ашәҟәы иагәылоуп 112 цыра аԥсуа поетцәа иреиӷьу рхәыҷҭәы поезиа аҟынтәи ажәеинраалақәеи, алакәқәеи, ажәабжьқәеи. Аенциклопедиа иануп х-нызқь цыра сахьа.

"Хра злоу ахҭысқәа": Аԥсуа бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә фонд аметодист Маиа Амҷԥҳа дазааҭгылеит ашәҟы аиқәыршәареи, еиднакыло аматериалқәеи ртәы.

Маиа Амҷԥха инаҵшьны иазгәалҭеит аенциклопедиаҟны ихадаратәу факторуп ахәыҷқәа рзы аҽаршьцыларақәеи, адҵақәеи ирхәмарны иахьрызнагоу. Аметодист лажәақәа рыла, аԥсуа бызшәа арҿиартә фонд аҟны напы аркуп аиԥш зеиԥшу аенциклопедиа аҭыжьра еиҳа еиҳау ахәыҷқәа рзы.


Ажәабжьқәа зегьы
0