Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ажурналист: милаҭла иақырҭуаз астудентцәа 1989 шықәсазы аԥсуаа ирҿагылон

© Sputnik / Томас Тхайцукажурналист Оҭар Лакрба
ажурналист Оҭар Лакрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Мшаԥымза 21 1989 шықәсазы Қарҭтәыла аминистрцәа реилазаара ахантәаҩы дырԥылеит акраамҭа апротесттә акциақәа мҩаԥызгоз, аректор Алеко Гәарамиа иамхразы аҳәара ҟазҵоз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аҵара зҵоз ақырҭуа студентцәа. Урҭ ахҭысқәа Sputnik арадио аҟны игәалаиршәоит ажурналист Оҭар Лакрба.

Қарҭтәылатәи Аминистрцәа рсовет ахантәаҩы Аԥсныҟа иаара, астудентцәа рҿаԥхьа рықәгылара зызкыз уи акәын, 1989 шықәсазы Лыхнытәи ааԥхьара знапы аҵазҩыз, ауниверситет аусзуҩцәа иаԥсыуааз рмаҵурақәа иамырхырц азы, иҳәеит ажурналист Оҭар Лакрба.

Ажурналист Оҭар Лакрба далацәажәеит мшаԥымза 21 1989 шықәсазы ақырҭуа студентцәа иҩаԥыргаз акциа

"Аҽакала иаҳҳәозар, ақырҭуа астудентцәа Қарҭтәылатәи рхада даанӡагьы, араҟа еиуеиԥшымыз акциақәа, аныҟәарақәа ирылахәын. Дара Аԥсны аиҳабыра ирҿагыланы иқәԥон. Алеко Алықьса-иԥа данырзамымх ус рыӡбеит, ауниверситет еиҟәыршарц. Ирҭаххеит Қарҭтәи ауниверситет аҟәша Аҟәа иаартызарц. Аԥсуа университет аҿы иаԥырҵеит Русҭавели ихьӡ зхыз ахеидкыла, уи ахеилак иалақәаз роуп еиҳарак идырбыжкоз, идырықәԥоз",  - ҳәа азгәеиҭеит ажурналист.

Инарҭбааны ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра

Ажәабжьқәа зегьы
0