Қарҭтәылатәи Аминистрцәа рсовет ахантәаҩы Аԥсныҟа иаара, астудентцәа рҿаԥхьа рықәгылара зызкыз уи акәын, 1989 шықәсазы Лыхнытәи ааԥхьара знапы аҵазҩыз, ауниверситет аусзуҩцәа иаԥсыуааз рмаҵурақәа иамырхырц азы, иҳәеит ажурналист Оҭар Лакрба.
Ажурналист Оҭар Лакрба далацәажәеит мшаԥымза 21 1989 шықәсазы ақырҭуа студентцәа иҩаԥыргаз акциа
"Аҽакала иаҳҳәозар, ақырҭуа астудентцәа Қарҭтәылатәи рхада даанӡагьы, араҟа еиуеиԥшымыз акциақәа, аныҟәарақәа ирылахәын. Дара Аԥсны аиҳабыра ирҿагыланы иқәԥон. Алеко Алықьса-иԥа данырзамымх ус рыӡбеит, ауниверситет еиҟәыршарц. Ирҭаххеит Қарҭтәи ауниверситет аҟәша Аҟәа иаартызарц. Аԥсуа университет аҿы иаԥырҵеит Русҭавели ихьӡ зхыз ахеидкыла, уи ахеилак иалақәаз роуп еиҳарак идырбыжкоз, идырықәԥоз", - ҳәа азгәеиҭеит ажурналист.