Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амҳаџьырцәа ргәалашәара амш азы Ҭырқәтәыла идырбахоит аԥсуа спектакльқәа

© Sputnik / Томас Тхайцукарежиссиор Мадина Аргәынԥҳа
арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik арадиостудиаҿы арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа еиҭалҳәеит лаҵарамза 21 рзы Қьефқьен аҭыԥ аҿы ахәаԥшцәа ишыддырбо Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр иҭоурыхтә поема иалхны иқәлыргылаз атеатралтә композициа "Семреи" Самсон Ҷанба иҩымҭала аспектакль "Амҳаџьыри".

"Аԥсны акультура аминистрра апроект ала иҟалеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр атруппа Ҭырқәтәылаҟа ацара. Хамԥада, "Семра" ҳгәы иҭан Ҭырқәтәыла дырбара. Аха ари аҩыза аҭагылазаашьа аныҟала, маи 21 рзы ишыжәдыруа, Ҭырқәтәыла иазгәарҭоит амҳаџьырцәа ргәалашәара амш. Ельвира Арсалиаԥха иҳадылгалеит, ари атема иазкны иҳамоу  ҩ-спектакльк рықәыргылара", — лҳәеит Аргәынԥҳа.

Лаҵарамза 21 рзы Қьефқьен идырбахоит "Семреи" "Амҳаџьыри"
 Мадина Аргәынԥҳа Sputnik иалҭаз аинтервиу шәаԥхьар ҟалоит абра

Ажәабжьқәа зегьы
0