"Аԥсны акультура аминистрра апроект ала иҟалеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр атруппа Ҭырқәтәылаҟа ацара. Хамԥада, "Семра" ҳгәы иҭан Ҭырқәтәыла дырбара. Аха ари аҩыза аҭагылазаашьа аныҟала, маи 21 рзы ишыжәдыруа, Ҭырқәтәыла иазгәарҭоит амҳаџьырцәа ргәалашәара амш. Ельвира Арсалиаԥха иҳадылгалеит, ари атема иазкны иҳамоу ҩ-спектакльк рықәыргылара", — лҳәеит Аргәынԥҳа.
Лаҵарамза 21 рзы Қьефқьен идырбахоит "Семреи" "Амҳаџьыри"