Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кьесоу Ҳагба актиор Алексеи Баталов изкны: иҟаиҵоз хауҵон, игәра угон

© SputnikАԥсуа театр актиор Кьасоу Ҳагба
Аԥсуа театр актиор Кьасоу Ҳагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асовет Еидгыла Жәлар рартист, Асовет Еидгыла аџьа афырхаҵа, актиор, арежиссиор, асценарист Алексеи Баталов иԥсҭазаара далҵит рашәара 14 аҽны. Аԥсны акиноматаграфистцәа реидгыла ахантәаҩы Кьесоу Ҳагба Sputnik Аԥсны арадиостудиаҟны дазааҭгылеит Алексеи Баталов иҟазара.

Аԥсны акиномотаграфистцәа реидгыла ахантәаҩы Кьесоу Ҳагба иажәақәа рыла, Алексеи Баталов актиор иаҳасабала иааҟаиҵоз зегьы ҳаракыла, гәынхәҵысҭала иҟаиҵон.

Аԥсуа драматә театр актиор Кьасоу Ҳагба дахцәажәоит Урыстәылатәи актиор Алексеи Баталов иҟазара
 

"Баталов амцхә ицәажәо, амцхә аҽырԥшӡара иашьҭоу актиорцәа дреиуамызт. "Москва слезам не верит" акино аҟны, Баталов ироль ихаҿсахьа акырӡа иҵаулахеит, агьама аҵаҵаны иҟан. Ас еиԥш иҟоу афильмқәа аамҭа амаӡам, актуалра амоуп есқьынгьы. Уажәы ҿыц сеиҭахәаԥшуазар даҽа шә-зҵаарак рҭак ҟанаҵоит, аԥхьа иуызгәамҭаз аҽакы убоит. Ажәакала, иҟаиҵоз зегьы ссаӡамызт, даҵахәмарны иҟаиҵомызт, ихауҵон, игәра угон", — иҳәеит Ҳагба.

Инарҭбааны ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра

Асовет Еидгыла Жәлар рартист Алексеи Баталов ахәаԥшцәа деицырдыруеит "Дама с собачкой", "Летят журавли", "Москва слезам не верит" акиносахьақәа рҟны инаигӡоз арольқәа рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0