"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" аԥсышәала ажурнал ҿыц ҭнажьуа иалагоит

© Sputnik Сырма Ашәԥҳа"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәа усуратә визитла Ҭырқәтәыла иаҭааит
Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны ахаҭарнакцәа усуратә визитла Ҭырқәтәыла иаҭааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәа усуратә визитла Ҭырқәтәыла иаҭааит.

АҞӘА, жьҭаара 14 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" иазԥхьагәаҭаны иамоуп аԥсышәала иҟоу ажурнал ҿыц аҭыжьра. Уи раԥхьатәи аномер аҿы аԥхьаҩцәа алшара роуеит иахьа уажәраанӡа иӡыргам, амҳаџьырра аҭоурых иадҳәалоу, Ҭырқәтәылатәи  архивтә материалқәа рхыҵхырҭақәа рҟынтә аинтерес зҵоу анцамҭақәа рыԥхьара, ҳәа адырра ҟарҵеит афонд аусзуҩцәа.

Ааигәа ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәа: амассатә информациатә хархәагақәеи ауаажәларреи рхеилак анапхгаҩы Гәырам Амқәаби, афонд алахәыла Оқтаи Ҷкотуеи, аԥсуареи, адемографиеи, арепатриациеи рхеилак анапхгаҩы Сырма Ашәԥҳаи усуратә визитла Ҭырқәтәыла иҟаны иааит.

"Ҳара Ҭырқәтәылаҟа ҳцара хықәкыс иаман аԥсуареи, арепатриациеи ирыдҳәалоу еиуеиԥшым азҵаарақәеи, апроблемақәеи рыҭҵаара, аԥхьаҟатәи афонд аусура арҭбааразы Аԥсныи аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи реимадара арӷәӷәара", – ҳәа азгәеиҭеит Гәрам Амқәаб.

Ҭырқәтәыла иҟаз Аԥснытәи аделегациа русурақәа хацыркын ҳдиаспора еиҳарак ирацәаҩны иахьынхо Адаԥазар иаҵанакуа ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҟны, иара убас имаҷмызт Сҭампыл ақалақь аҟны имҩаԥгаз аҵарауаа злахәыз аиԥыларақәа.

Иара убас, "Жларбжьаратәи афонд Аԥсны" ахаҭарнакцәа изларҳәо ала, мышқәак ирылагӡаны ирылшеит аԥсуа қыҭақәа рҭаареи, аԥсуа быргцәеи рыҿцәажәарақәа.

© Sputnik Сырма АшәԥҳаҬырқәтәыла иҟоу аԥсуаа рқыҭа Џьгьарда (Соуқсу), аԥсуа иҩны
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа рқыҭа Џьгьарда (Соуқсу), аԥсуа иҩны - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуаа рқыҭа Џьгьарда (Соуқсу), аԥсуа иҩны
Ажәабжьқәа зегьы
0