Шьхацан аамҭа алагоит лаҵарамзазы. Саҭбеи Агәхаа "зыԥсы ҭоу" имал иманы Лашыԥсы ҳәа зыхьӡу аҭыԥ аҟны дтәоижьҭеи акыр ҵуеит. Аҭыԥ амшын аҟнытәи 2 000 метр аҳаракыра аҟны ишьҭоуп. Ахьча иажәақәа рыла, ажәытәан араҟа 12 гәарҭа еизалон, иахьа гәарҭак ада аӡәгьы дубом.
"Иахьа арахә змамгьы ахныҟәгашьа имоуп, аха ҳара ари аус ауп ҳзышьцылаз. Хаԥсы ахьынӡаҭоу иныҟәаҳгалоит. Арахәи ауаҩи еибааӡоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Ус ҳабацәа рабацәа ирҳәоны иаҳзынхаз ауп. Иџьабаа усуп, ҳәарада, аха хныҟәгарахеит. Хшыхәыҷыз ҳаланагалеит. Акацкәыр ҳҭартәаны, аҽы ҳақәыртәаны ашьхаҟа ҳааргон. Убри аахыижьҭи ҳаҿуп", – иҳәеит ахьча Саҭбеи Агәхаа.
Шьхалбаан алагоит жьҭаара анҵәамҭазы. Усҟан ахьчацәа рмал аԥсҭахьы илбаарцоит, ақыҭақәа рахь. Ақыҭа иҩахыкны, абнара ԥхынҷкәынынӡа ианаанхогьы ҟалалоит, ҳәа иҳәеит ахьча.