Шәачатәи Аолимпиада амедалқәа иашаны иранашьамызт ҳәа азыԥхьаӡоуп

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОлимпиада 2014. Биатлон. Женщины. Эстафета
Олимпиада 2014. Биатлон. Женщины. Эстафета - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилакы акомиссиа Урыстәылатәи аспортсменцәа: ҩыџьа абобслеистцәа, аскелетонист, ҩыџьа абиотлонисткацәа адопингҿагыларатә ԥҟаррақәа еиларгеит ҳәа иршьеит.

АҞӘА, абҵара 28 — Sputnik. Ашәахьа, абҵара 27 рзы Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилакы акомиссиа Урыстәылатәи аспортсменцәа: ҩыџьа абобслеистцәа, аскелетонист, ҩыџьа абиотлонисткацәа адопингҿагыларатә ԥҟаррақәа еиларгеит ҳәа иршьеит. Абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт.

Шәача имҩаԥысуаз Аолимпиада-2014 аҟны абобслеистцәа Алексеи Негодаилои, Дмитри Труненкови, аскелетонист Сергеи Чудинови, абиатлонистцәа Ольга Вилухинеи, Иана Романовеи иранашьаз амедалқәа иашамкәа иранашьан, ҳәа аанацҳауеит Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилакы апресс-релиз.

Денис Освальд знапхгараҿы дыҟоу Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилакы акомиссиа уаанӡагьы имҩаԥыргахьаз аҭҵаарақәа инарықәыршәаны 14-ҩык урыстәылатәи аспортсменцәа адопинг рыдркылеит ҳәа ишьоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0