АҞӘА, абҵара 28 — Sputnik. Ашәахьа, абҵара 27 рзы Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилакы акомиссиа Урыстәылатәи аспортсменцәа: ҩыџьа абобслеистцәа, аскелетонист, ҩыџьа абиотлонисткацәа адопингҿагыларатә ԥҟаррақәа еиларгеит ҳәа иршьеит. Абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт.
Шәача имҩаԥысуаз Аолимпиада-2014 аҟны абобслеистцәа Алексеи Негодаилои, Дмитри Труненкови, аскелетонист Сергеи Чудинови, абиатлонистцәа Ольга Вилухинеи, Иана Романовеи иранашьаз амедалқәа иашамкәа иранашьан, ҳәа аанацҳауеит Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилакы апресс-релиз.
Денис Освальд знапхгараҿы дыҟоу Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилакы акомиссиа уаанӡагьы имҩаԥыргахьаз аҭҵаарақәа инарықәыршәаны 14-ҩык урыстәылатәи аспортсменцәа адопинг рыдркылеит ҳәа ишьоуп.