Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аспортсменцәа ариашеит

Урыстәылатәи аспортсменцәа аҽа 11-ҩык антидопинг ԥҟаррақәа еиларгеит ҳәа ахара рыдҵаны рыԥсы ҭанаҵы Аолимпиатә хәмаррақәа рылахәра азин рымхын, аха аӡбарҭа, уи ацынхәрас, Пхенчхан 2018 шықәса рзы имҩаԥысуа ахәмаррақәа рылахәра мацароуп ззин рымнахыз.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 1 — Sputnik. Аспорт азы абжьаҟазаратә ӡбарҭа (CAS) 28-ҩык урыстәылатәи аспортсменцәа рапелиациа аҭакс Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы аӡбра аԥнахит. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

Актәи аканал аолимпиада ахәмаррақәа днарбалоит

Уаанӡа Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы Шәачатәи аолимпиада иалахәыз 43-ҩык аспортсменцәа антидопинг ԥҟаррақәа еиларгеит ҳәа ахара рыдҵаны рыԥсы ҭанаҵы Аолимпиатә хәмаррақәа рылахәра азин рымхны иргаз амедалқәагьы иашамкәа иранашьан ҳәа ишьақәнаргылахьан.

Убри иахҟьаны Урыстәыла 13 медал ацәыӡит, иацәыӡит актәи аҭыԥгьы.

Аӡбра рыдкылан Денис Освальд знапхгараҿы дыҟаз Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы акомиссиа аусурақәа ирылҵшәаны.