Аԥсны аҳәынҭқарра ахыԥхьаӡара еихшьааларҭатә еилакы ахантәаҩы Кама Гогьиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит зда ԥсыхәа ыҟам мызчарак шышшьақәдыргыло атәы.
Азеиԥштә милаҭтә ҭаацәаратә хеилак ахаҭарнакцәа атәыла ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит. Уаҟа излацәажәаз атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ахеилак ахантәаҩы Мадина Гәымԥҳа.
Ахацәа, 60 шықәса ианырҭыслак ашьҭахь еиҳа аԥхьанатәтәи риммунатә ҭак рцәыӡуа иалагоит, акоронавирус аан уи ауадаҩрақәеи аԥсыҭбарақәеи рахь икылнагоит.
Жәабран 10 рҟынӡа Аԥсны азин ыҟам азеиԥшкрыфарачара аобиектқәа русура, афатә дәылганы ауаа рыҭара ада.
Оқәымтәи ашкол аиҳабы Демона Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ашкол аҭоурыхи уаҟа ицоз аремонттә усурақәеи ртәы.
СНВ-3 азы аиқәшаҳаҭра аҿҳәара ацҵаразы аӡбара астратегиатә ҭышәынтәаларазы Америкеи Урыстәылеи инарҭбааны реилацәажәара аамҭа анаҭоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков.
Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа ирыҵанакит ашколқәраҟынӡатәии абжьараҵаратәии аусҳәарҭақәа, аԥкрақәа амч рымазаауеит жәабран 10 рҟынӡа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11301-ы ыҟоуп, ргәы бзиахеит 9207-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 161-ы.
Иахьатәи аамҭазы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалахьеит Гамалеи ихьӡ зху НИЦЕМ аҿы аинвестициақәа рзы Урыстәылатәи афонд ацхыраарала аус зыдулаз COVID-19 аҟынтәи адунеи аҿы ираԥхьатәиу алаҵа "Спутник V".
Алаҵа "Спутник V" 14 тәыла: Белоруссиа, Аргентина, ОАЕ, Венгриа, Сербиа, Боливиа, Алжир, Палестина, Венесуела, Парагваи, Туркмениа реиԥш иҟоу рҟны ашәҟәы иҭаргалахьеит.
ЕСПЧ Апалата Ду, ажьырныҳәа 21 азы иакьыԥхьит Аахыҵ Уаԥстәыла 2008 шықәса рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа рзы аҳәынҭқаррабжьаратә зашшра "Қырҭтәыла Урыстәыла иаҿагылот (II)" аганахь ала ақәҵара.
Гагра аӡы аиура ԥкын ажьырныҳәа 25 рзы аӡыҭгагатә станциаҿы иҟалаз авариа ашьҭахь.
Урыстәылатәи ажурналист Кирилл Вышински 15 мзы инарзынаԥшуа украинатәи абахҭақәа рҟны дҭакын ипрофессионалтә усура дахырҟьаны.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба инапы аҵеиҩит аусдҵа "Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа COVID-19 рацәыхьчаразы Аҟәа ақалақь аҿы хаз иго уснагӡатәқәак рымҩаԥгаразы".
Аҭоурых аҿы иҟалахьеит аепидемиақәа акыршықәса ианықәымҵуа. Убри аан ашәарҭара аҿар ҭагылон избанзар аиҳабацәа аамҭақәак рышьҭахь аиммунитет шьҭыркаауан.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Михаил Логәуеи аилацәажәара рыман закәаншьаҭада афымцамч ахархәареи, ареспубликаҿы амаинингтә фермақәа рзакәаншьаҭада русуреи рзы.
Аԥснытәи Telegram-каналқәа руак аҿы ицәырган Sputnik Аԥсны асаит иатәушәа аинформациа ԥаршеи.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11216-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 8992-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 160-ҩык.
Урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" Ҭырқәтәыла аҭыжьра иалагоит. Арадио Sputnik аефир аҟны Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа рфедерациа ахантәаҩы Аҭанур Аҟәысба еиҭеиҳәеит ҳдиаспора рхаҭарнакцәа ари ажәабжь шрыдыркылаз атәы.
Александр Анқәаб аԥыза-министр ажьырныҳәа 8 раахыс акоронавирустә инфекциаҟынтәи иҽихәышәтәуеит Урыстәыла Афедералтә ҭҵаарадырра-клиникатә центр ФМБА аҟны.