ИГИЛ атеррорист дҭархоуп

Ацәгьоуҩы идырбалеит амч ду змаз арԥжәага, аҽа рԥжәагақәак реибыҭаразы ахәҭақәа, абџьар, аџьаԥҳаны.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 1 — Sputnik. Атеррористтә гәыԥ "Исламское государство"* алахәыла, Урыстәыла Ахада иалхра амш аҽны Аладатәи Новгород ақалақь аҟны атеррористтә акт амҩаԥгара зыгәҭакыз дааныркылеит. Атеррорист иаанкылараан аҿагылара иҟаиҵаз ашьҭахь дҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа иаԥдырҟәҟәааит жәларбжьаратәи атеррористтә еиҿкаара ИГИЛ алахәыла идиверсиатә акт. Атеррористтә гәыԥ "Исламское государство"* алахәыла, Урыстәыла Ахада иалхра амш аҽны Аладатәи Новгород ақалақь аҟны атеррористтә акт амҩаԥгара зыгәҭакыз дааныркылеит. Атеррорист иаанкылараан аҿагылара иҟаиҵаз ашьҭахь дҭадырхеит" ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Абри аус аганахь ала ашьаус хацыркуп.

"Иҟоу адыррақәа рыла атеррорист агәыларатәи аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра датәылауаҩуп. Иара дазыхиан Урыстәыла Ахада иалхра амш аҽны Аладатәи Новгород ақалақь аҟны атеррористтә акт амҩаԥгара", — ҳәа арбоуп адырраҭараҟны.

Ацәгьоуҩы идбалан амч ду змаз арԥжәага, аҽа рԥжәагақәак реибыҭаразы ахәҭақәа, абџьар, аџьаԥҳаны.