Арадио

Археолог: Аҷандара иԥшаауп аҭоурых азы акырӡа зҵазкуа ахьымаҭәа

Аҷандара ақыҭан Русҭам Чхабелиа ииԥшааз ашәындыҟәра аҭоурых азы акыр зҵазкуа ԥшаамҭоуп, иҳәеит арадио Sputnik астудиаҟны Ахәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа.
Sputnik
"Хра злоу ахҭысқәа": Аркади Џьопуа Аҷандара иԥшаахаз ахьымаҭәа иазкны

"Уи аҭыԥаҿ зегь раԥхьаӡа аԥшаарақәа мҩаԥигахьан Михаил Гәынба, анаҩс Алик Габелиа, Иури Скаков. Чхабелиаа ахьынхо адәаҿы ажәытәӡатәи нышәынҭрақәа ыҟоуп. Уажәтәи аԥшаамҭа V-IV ашәышықәса ҳера ҟалаанӡа аамҭахь иаҵанакуеит ҳәа агәаанагара ыҟоуп", — иҳәеит Аркади Џьопуа.
Шәазыӡыҩрла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.