Вертолиотла "Кавкасиони" Аԥсны иахьаҵанакуа ахаԥырра зырӡбаз аԥхасҭа ахьыҟалаз даҽакала анеира ахьыуадаҩу азоуп.
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы амаӡаныҟәгаҩ Идрис Кара-Осман-оӷлы арадио аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашьапылампыл азы Аԥсны еизгоу аҿар ркоманда Урыстәылатәи алигаҟны ишыхәмаруа.
Фазиль Искандер игәалашәара аҳаҭыраз уи иуаҩышьа зеиԥшраз, иҩызцәа дшырзыҟаз, абаҩхатәра злаз дышрыдгылоз атәы шәыднагалоит Sputnik.
COVID-19 зыхьуа ачымазцәа Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны ацхыраара рызҭо ареаниматолог Алмас Бганба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит иахьазы русура шышьақәгылоу атәы.
Хәажәкыра 5 рзы "Амшынеиқәафымцамч" адырра ҟанаҵеит авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" аҟны иҟалаз аԥхасҭа аԥыхразы Аԥсны иахьаҵанакуа афымцамч аамҭа-аамҭала идырцәалоит ҳәа.
Аԥсуаа рҿы наџьнатә аахыс пату зқәырҵо аҵасқәа иреиуоу аиҳабреи аҵыбреи рныҟәгашьа иаци иахьеи ишыҟоу еиҿлырԥшуеит, абжьаҟазацәа, аусӡбацәа рус зыхьԥшыз атәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ, аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12952-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12400-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 203-ҩык.
Ақыҭанхамҩа ԥасатәи аминистр Амиран Какалиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит анаплак ҿыц "Ақыҭанхамҩа аҿиареи, аинновациеи рзы ацентр" ахықәкы, инанагӡараны иҟоу аусқәа ртәы.
Гәдоуҭа араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Лавренти Гәбаз арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рыҽшырзыҟарҵо атәы.
Авольтҳарак цәаҳәа "Кавкасиони" аҟны аремонттә усурақәа цонаҵы Аԥсны аамҭала афымцалашара арцәара аграфик алагалоуп.
Ахаҵа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟынтә Урыстәылаҟа аиасра игәҭакын. Аҳәаа данахысуаз даанкылан.
Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы, Аԥсны АШәМ ахь днаган. Аҩны аԥшааратә уснагӡатәқәа мҩаԥган.
Агәалашәаратә монетақәа ҩба-ҩба аԥсар иҟоу, хәы змам аметалл иалху 1000 цыра ҭыжьуп.
Азини аекономикеи ринститут аиҳабы, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Заур Шьалашьаа арадио Sputnik аефир аҟны Аԥсны аекономика аҿиаразы иҟаҵатәу ашьаҿақәа рзы игәаанагара иҳәеит.
Алексеи Двинианин 2018 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны Аҳәынҭқаррахь Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩыс даашьҭын.
Урыстәылатәи арратә базаҿ анормативқәа мҩаԥызгоз аҳәса шәкы инареиҳаны граната рхы иадырхәеит.
Анхарҭа аҿаҵаразы амаҵзура TVIL.RU ишьақәнаргылеит атуристцәа еиҳа рныҟәара ашьҭахь ибзианы изыхцәажәо аҭыԥқәа реиқәыԥхьаӡа.
Агәыԥ "Пятнашка" акомандир, Аԥсны ахада уаанӡатәи ицхырааҩ Ахра Аҩӡба даанкылан хәажәкыра 4 рзы, Аԥсны АШәМ ахь днаган. Иара уажәраанӡагьы уа дыҟоуп.
Ҭарашь Ҳагба Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа ахадас далхын Афедерациа аҳасабырба-алхратә конференциаҿ хәажәкыра 2 рзы.
Агәыҳалалратә фонд амаҵзуратә машьына рӷьычит 2020 шықәса лаҵара 9 ауха. Амашьына иҭан адиректор ихатәы документқәеи амедицинатә цхыраара иазынархаз амаҭәашьарқәеи.