АҞӘА, жәабран 5 — Sputnik. Асабшаҽны Урыстәылатәи аҳаирплан СУ-25 Шьамтәыла иатәу апровинциа Идлиб иахьаҵанакуа икарыжьит. Аԥырҩы иакәзар, аҳаирплан аҟынтәи даныԥоз иехсны дыршьит. Иҟоу адыррақәа рыла аҳаирплан карыжьит еиҭарго азенит-ракетатә комплекс ахархәарала. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.
Уи аҭакс абри араион зегьы аҟны аҳауатә жәылара мҩаԥган. Иҟоу адырраҭарақәа рыла иҭархан 30-ҩык инареиҳаны атеррористцәа.
"Атеррористтә гәыԥ "Джебхат ан-Нусра" иахьыртәарҭоу апровинциа Идлиб иахьаҵанакуа аҳауатә жәылара мҩаԥган. Абрантәи ауп урыстәылатәи аҳаирплан Су-25 ахьҭархаз" ҳәа аҳәоит Атәылахьчара аминистрра адырраҭараҿы.