Москватәи аслеира аԥсыҭбара ацуп

Ииасыз амш азы Москва 19 миллиметра аси ақәеи леит. Уи амзатә азыԥҵәа аҟынтәи 53% артәоит ҳәа аарыцҳаит аҳауагәаҭаратәтә центр "Фобос" аҟны.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 5— Sputnik. Ииасыз амш азы Москва 19 миллиметра аси ақәеи леит.  Аӡәы дҭахеит ҩыџьа аахақәа роуит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Асиноптикцәа ишырҳәо ала асеиԥш аслеира шәы-шықәса рахь знык иҟалоит.

Москва Ахада Сергеи Собианин иҳәеит афымцатә ҳа аԥҵәара аԥсыҭбара шацыз, аҽа хәҩык аахақәа шроуз.

Адырраҭарақәа рыла ааха зауз рхыԥхьаӡара хәҩык рҟынӡа инеихьеит. "Шәгәы шәҽаныз, амш еиҳа-еиҳа ицәгьахоит" ҳәа иҩуеит иара Twitter аҟны.

Ақалақь аҟны 370 ҵла каҳаит. Асоура иахҟьаны аҭыԥ змаз аҭагылазаашьа уадаҩқәа рҭыԥ рықәҵара иаҿуп анхамҩатә усбарҭа аусзуҩцәа иҳәеит аҳҭнықалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Петр Бириуков. 70 нызқьҩык рҟынӡа аусуҩцәа атротуарқәеи ашҭақәеи ррыцқьара иаҿуп.

Иҷыдоу арежим ахь ииагоуп москватәи аметрополитен.