Урыстәылатәи СУ-25 Шьамтәыла икарыжьит

Иҟоу адыррақәа рыла аҳаирплан карыжьит еиҭарго азенит-ракетатә комплекс ахархәарала.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 5— Sputnik. Асабшаҽны Урыстәылатәи аҳаирплан СУ-25 Шьамтәыла иатәу апровинциа Идлиб иахьаҵанакуа икарыжьит. Аԥырҩы иакәзар, аҳаирплан аҟынтәи даныԥоз иехсны дыршьит.

Иҟоу адыррақәа рыла аҳаирплан карыжьит еиҭарго азенит-ракетатә комплекс ахархәарала. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

"Адеискалациа азона иаҵанакуа Идлиб иахыԥраауаз урыстәылатәи аҳаирплан Су-25 атеррористцәа икарыжьит", ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Иазгәаҭоуп аԥырҩы аҳаирплан аныжьра дшахьӡаз, "Джебхат ан-Нусра"атеррористцәа иртәарҭоу араион иахьаҵанакуаз. Атеррористцәеи иареи реиҿахысраан аԥырҩы дшьын ҳәа аҳәоит адырраҭара.

Шьамтәыла еиӷацәоу аганқәа ериныршәаразы Урыстәылатәи Ацентри Идлиб адеисколациазы аҭакԥхықәра зду ҭырқәтәылатәи агани аҽазышәара ҟарҵоит аԥырҩы иԥсыбаҩ аагаразы.