Сахара аҽазныкгьы асы ауит

Аин-Сефра аԥхын ашора +37°С рҟынӡа ихалоит, аӡынраз градуск аҟынӡа илаҟәуеит. 2017 шықәсеи 2018 шықәсеи рзгьы асы аухьан Сахаратәи асакараҿы. Раԥхьаӡа акәны абри аҭыԥ аҿы асы леит 1979 шықәса, жәабранмзазы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik. Абар, уажәшьҭа ҩышықәсоуп асакара Сахара аҟны асы леиуеижьҭеи ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Иара убри аан асы ахьлеиуа Алжир аҩада-мраҭашәаратәи аган, ақалақь Аин-Сефра аҿоуп.

Ажьырныҳәа 7 рзы, асы анлеиуазгьы, иахьлеиз ақалақь Аин-Сефра иахьаҵанакуаз ауп. Ҭыԥқәак рҟны асы аҩаӡара 40 сантиметра рҟынӡа иҩеиуан.

2017 шықәса рзгьы иара абри аҭыԥ аҿы илеит асы. Уаанӡа 30 шықәса раԥхьоуп абри аҭыԥ аҿы асы анаухьаз.

Аин-Сефра аԥхын ашора +37°С рҟынӡа ихалоит, аӡынраз градуск аҟынӡа илаҟәуеит.