Ким Ио Чжон Аладатәи Кореиа даҭааит

Асабшаҽны аделегациа алахәхоит Аладатәи Кореиа апрезидент еиҿикаауа шьыбжьхьа. Ким Ио Чжон, Аҩадатәи Кореиа аиҳабы иаҳәшьа аделегациа далахәуп.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 9— Sputnik. Ким Ио Чжон — Аҩадатәи Кореиа аиҳабы Ким Чен Ын иаҳәшьа, аҳаиртә баӷәаза Инчхон дааит аделегациа дрылахәны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости. Асабшаҽны аделегациа алахәхоит Аладатәи Кореиа апрезидент еиҿикаауа шьыбжьхьа.

Аолимпиада иахәаԥшырц зҭаху 80% абилеҭқәа аархәахьеит

Аделегациа ахадас дыҟоуп КНДР Иреиҳаӡоу аизара апрезидиум ахантәаҩы Ким Ион Нам.

Аделегациа иалахәуп 22-ҩык ауаа.

Ким Чен Ын иаҳәшьа Ким Ио Чжон Аҩадатәи Кореиа апропаганда азҵаарақәа хылаԥшра рзылуеит.

Иазыԥшуп аделегациа Пхенчханҟа рхы дырхоит ҳәа, Аӡынтәи аолимпиатә хәмаррақәа раартра ацеремониа иалахәхарц. Абри ашьҭахь Аладатәи Кореиа апрезидент Мун Чже Ин инаԥхьарала Ким Ион Нам далахәхоит хәылԥхьа. Уахь иара убасгьы инаԥхьоуп: Маик Пенси Синдзо Абеии.