Собчак Урыстәыла апроблемақәа дрылацәажәоит

Собчак США дыҟоуп. Хымш лыҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Вашингтони Ниу-Иорки дырҭааит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 9 — Sputnik. Урыстәыла Ахадас зкандидатура ықәгыло Ксениа Собчак Урыстәыла иапроблема хадақәаны илшьоит "џабаа мбаӡакәа аԥарарҳара", анефт иалху аԥарақәа, ахатәтәра бааԥсны иахьыхьчоу, акоррупциа.

Аԥснытәи алхыҩцәа акандидатцәа ирԥылар рҭахуп

"Аекономика ашьҭыҵра Урыстәыла адемократиа аанамгеит. Уи мзызны иамоуп раԥхьа инаргыланы анефттә ԥарақәа. Ҳара арҭ аԥарақәа џьабаа дук мбаӡакәа иҳарҳаит. Ауаҩы иџьахә аҳаҭыр ыҟазароуп", — лҳәеит Собчак Ниу-Иорк ақалақь иҟоу Колумбиатәи ауниверситет аҟны лықәгылараан.

Уи адагьы арҭ аԥарақәа ауаа рџьыбахь ауп иахьцо, аинвестициақәа ирзырхам лҳәеит лара.

"Аекономика ахаангьы имарымажахом ахатәтәра ахьчара амамзар" ҳәа азгәалҭеит Собчак иагьацылҵеит абри азҵаара лара лпрограммаҿы ихадоу аҭыԥ шааннакыло.

"Абри адагьы атәылаз иреиҳау проблеманы иҟалеит акоррупциа. Урыстәыла акоррупциазы иџьанаҭу тәылоуп", — лҳәеит Собчак, иагьазгәалҭеит ԥхьаҟагьы акоррупциа даҿагыланы ақәԥара шымҩаԥылгало.

Собчак аекономикатә реформақәа ахәҭаны илыԥхьаӡоит.

"Урыстәыла аекономикатә реформақәа мҩаԥымгакәа адемократиа зышьақәгылом", — лҳәеит лара.

Собчак США лыҟазаара хлыркәшеит аԥшьашаҽны.