Венесуела ООН Ассамблеиа хадаҿы ауал иахырҟьаны абжьы амырхит

Жәларбжьаратәи аиҿкаара анормақәа инарықәыршәаны ООН абиуџьет аҿаԥхьа ауал амшәозар абжьы амххоит.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 14 — Sputnik. Венесуела ООН Ассамблеиа хадаҿы ауал иахырҟьаны абжьы амырхит. Жәларбжьаратәи аиҿкаара анормақәа инарықәыршәаны ООН абиуџьет аҿаԥхьа ауал амшәозар аамҭала абжьы амххоит.

Абри атәы аанацҳаит RT агазеҭ El National адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Адырраҿы иазгәаҭоуп 2018 шықәса ажьырныҳәа 29 рзы ауал зқәу аҳәынҭқаррақәа ҳәа иарбоуп: Венесуела, Доминика, Суринам, Гренада, Аекватортә Гвинеа, Ливиа, Иемен.

Венесуела Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2009 шықәса цәыббрамзазы, Урыстәылеи Никарагуеи инарышьҭарххны.