Ашкол аҟны ахысрақәа ирыхҟьаны быжьҩык ҭахеит

Аполициа амаҵзуҩцәа ишышьақәдыргылаз ала Флоридатәи ашколқәа руак аҟны ахысрақәа ҟалеит. Уаанӡатәи адыррақәа рыла аҭыԥантәи агоспиталь ахь инаган 14-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 15 — Sputnik. Быжьҩык иреиҵамкәа ауаа ҭахеит Флоридатәи ашколқәа руак аҟны аҭыԥ змаз ахысрақәа ирыхҟьаны ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аҭыжьымҭа Miami Herald ишаҳәо ала заҟаҩ шьыҵәҟьо макьаназ ишьақәыргылам, ихәу рхыԥхьаӡара 20-50-ҩык рҟынӡа инаӡоит.

"Ацәгьара иуит ҳәа агәаанагара ззыҟоу ауаҩы уажәы аполициа дааныркылеи" ҳәаа ҳәеит ателеканал WSVN 7 News. Ателеканал CNN иара убасгьы ахәаԥшцәа иднарбеит акадырқәа – аполициаа аԥхьа деимданы, нас аполициатә машьына арԥыск инапқәа ҿаҳәаны дышҭадыртәоз.

Аамҭақәак рышьҭахь аокруг Бровард ашериф абри аинформациа шьақәирӷәӷәеит. "Ихысуаз ауаҩы даанкылоуп", — иҳәеит иара.

Аҭыԥантәи ателеканал WSVN адыррақәа рыла ихысуаз иара абри аҵаратә усҳәарҭаҟны аҵара иҵон.