АҞӘА, жәабран 15— Sputnik. Аполициа амаҵзуҩцәа ишышьақәдыргылаз ала Флоридатәи ақалақь Паркленд ашколқәа руак аҟны ахысрақәа ҟалеит. Аӡәы дшьуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аҭыжьымҭа Miami Herald адыррақәа ҵаҵӷәны иҟаҵаны.
Аҭыжьымҭа ишаҳәо ала заҟаҩ шьыҵәҟьо макьаназ ишьақәыргылам, ихәу рхыԥхьаӡара 20-50-ҩык рҟынӡа инаӡоит.
Амцарцәара-аиқәырхаратә маҵзурақәа ауаа ацхыраара рырҭоит, изыхәҭоу амедицинатә усҳәарҭақәа рахь инаргоит.