Еицырдыруа италиатәи ашьапылампыласыҩ Давиде Астори иԥсҭазаара далҵит

Давиде Астори "Фиорентина" ахәмарыҩцәа ахьаангылаз асасааирҭаҿы ацәа дшалаз иԥсҭазаара далҵит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 5 — Sputnik. "Фиорентина" акапитан, Италиа еизгоу акоманда ахьчаҩ Давиде Астори 32-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Udine Today адыррақәа рыла ашьапылампыласыҩ ацәа дшалаз дыԥсит, Удинатәи асасааирҭаҿы.

Италиа еизгоу акомандаҿы Астори 14 хәмарра мҩаԥигеит. Сынтәа, "Фиорентина" далахәны аспортсмен 27 еиԥылара мҩаԥигеит, мпылк ҭаиршәит.

Астори "Фиорентина" еиԥш дықәгылан "Рома", "Кальиари", "Кремонезе ", "Пиццигеттоне" рзы.

Италиа еизгоу акомандаҿы иара ахԥатәи аҭыԥ ааникылахьан.