Керчтәи аӡыбжьахалаҿ асеинери аидарамҩаԥгагеи еинҟьеит

Керчтәи аӡыбжьахалаҿ урыстәылатәи асеинери аидарамҩаԥгагеи еинҟьеит. Аӷбақәа рыҩбагь рацәак ибаргәымыз аахақәа роуит, дара рхала рымҩа иацырҵеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 6 — Sputnik. Керчтәи аӡыбжьахалаҿ урыстәылатәи асеинери аидарамҩаԥгагеи еинҟьеит. Аӷбақәа рыҩбагь рацәак ибаргәымыз аахақәа роуит, дара рхала рымҩа иацырҵеит. Ахҭыс аан уаҩԥсы ааха имоуит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ахҭыс ҟалеит ашәахьа, асааҭ 00:30 рзы.

Таганрог абаӷәазаҿы иҭаҩу аидарамҩангага "Андор", 3,3 нызқь тонна ачарыц ақәын. Кьерч абаӷәазаҿы иҭаҩу асеинер "Хорс" ахьҭаҩыз абаӷәазахь амҩа иқәын.

"Росморречфлот" аҟны ирҳәеит аӷбақәа ааха ӷәӷәа рмоуит ҳәа, урҭ аӡсара рылшо иаанхеит.

Иара убасгьы иазгәаҭан ахҭыс аԥсабара аҟьышьра ахҭнымҟьеит ҳәа. Иҟалаз шыҟалаз аилкаараз аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит.