СССР жәлар рартист Олег Табаков иԥсҭазаара далҵит

Акраамҭатәи ичымазара иахҟьаны, 82 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит СССР жәлар рартист Олег Табаков.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 13 — Sputnik. Москва иԥсҭазаара далҵит СССР жәлар рартист, Чехов ихьӡ зху МХТ асахьаркыратә напхгаҩы, "Табакерка" асахьаркыратә напхгаҩы Олег Табаков, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

82-шықәса ирҭагылаз Олег Табакова ахәышәтәырҭахь днаган 2017 шықәса абҵарамза анҵәамҭазы.

Аамҭақәак рышьҭахь иҟаҵаз адыррақәа рыла артист ашықәс ҿыц аламҭалазы иҭагылазаашьа еиҳа ишьақәгылеит, аиӷьхарахь ихы ирхеит.

АИХ иҟарҵаз адыррақәа рыла Табаков иҭынхацәа ахәышәтәырҭахь адинмаҵзуҩы днарыԥхьеит.