Ашьапылампыл азы ачемпионат ахь абилеҭқәа рыҭира ирылагеит

Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп Урыстәыла, 2018 шықәса рашәарамза 14 инаркны ԥхынгәымза 15 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Ашьапылампыл азы ачемпионат ахь абилеҭқәа рыҭира еиҭарылагоит хәажәкыра 13 асааҭ 12:00 рзы ҳәа FIFA аофициалтә саит аҿы иаҳәоит.

Шәача иазгәарҭоит ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат алагара

"Аҭирақәа мҩаԥгахоит гәаранҳасабла. Аҭирахь инаргоит ахәмаррақәа зегьы рзы абилеҭқәа, Аргентина — Исландиа рыхәмарреи афиналтә хәмарреи рыда", — ҳәа аҳәоит FIFA асаит.

Аҭирақәа раԥхьатәи аетапқәа рыҩбаз иаахәоу абилеҭқәа изтәу ирызнаргоит атурнир алагара аламҭалаз.

FIFA аофициалтә саит аҟны иҟоу аинформациала Адунеи ачемпионат азы абилеҭқәа рыҭира ианрылага, 2018 шықәса хәажәкырамза инаркны ирҭихьеит 1 303 000 билеҭ.

Абилеҭқәа раахәара алшоит ашәаратә карта Visa ацхырааралагьы. Аилахәыра Visa — FIFA официалтә партнерны иазыҟоуп ашәаратә маҵзурақәа рганахь ала.

Еиҳа инарҭбааны ашәарақәа рымҩаԥгашьа атәы аԥхьара алшоит FIFA аофициалтә саит аҿы.