Урыстәыла апароолимпиеццәа аҽа хьтәы медалк ргеит

Пхенчхан имҩаԥысуа Апароолимпиадаҿы Урыстәыла апароолимпиеццәа аҽа хьтәы медалк ргеит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 14 — Sputnik. Урыстәылатәи аспортсменка Анна Миленина, шәҩала аиԥхныҩлараан аспринтертә еиндаҭлараҿы ахьтәы медал лгеит ҳәа аанацҳауеит Р-Спорт.

Афинал аҿы Анна Миленина 1,5 км. 5 минуҭки 11,1 секунди рыла дахысит. Аразны медал ланашьахеит Норвегиатәи аспортсменка Вильде Нильсен (– 3,1 секунд), аџьазлых медал ланашьахеит Канада аспортсменка Натали Уилки (+3,2).

Миленина апароолимпиатә еиндаҭларақәа рҟны фынтәуп аиааиарқәа лгоижьҭеи. Лара уаанӡа аиааирақәа лгахьан Турин, Ванкувер, Шәача имҩаԥысуаз аолимпиадақәа рҟны.