Биткоин ахәԥса аҽаԥсахуа иалагеит

Акриптавалиутақәа реиҳа аинтерес зҵаны иҟоу – биткоин абжьаратә хәыԥса иартәоит 8,6 нызқь доллар. Аекспертцәа ишырҳәо ала уи зыхҟьаз аилахәырақәа Google Facebook акриптавалиута аӡыргара ҟалом ҳәа иҟарҵаз аҳәамҭоуп.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 20 – Sputnik. Акриптавалиутақәа реиҳа аинтерес зҵаны иҟоу – биткоин абжьаратә хәыԥса иартәоит 8,6 нызқь доллар. Аекспертцәа ишырҳәо ала уи зыхҟьаз аилахәырақәа Google Facebook акриптавалиута аӡыргара ҟалом ҳәа иҟарҵаз аҳәамҭоуп. Биткоин ахәԥса ахалара иалагеит ашәахьа ахәылбыҽха. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Беларусь.

Биткоин ахәԥса еиҳа-еиҳа ишьҭыҵуеит

Амҽышаҽынтәи адыррақәа рыла абасеиԥш агәҭакы амоуп Twitter.

Апортал CoinMarketCap адыррақәа рыла минсктәи аамҭала асааҭ 18:00 рзы биткоин 14,66% ахә иацлеит– до 8,6 нызқь доллар артәеит.

Егьырҭ акриптовалиутақәа рыхәԥса ашәахьазы идыртәеит: Ethereum – 549,1 доллар (+15%), Ripple – 0,68 долла (+20%), Bitcoin Cash – 979,1 доллар (+12%).

Мызқәак раԥхьа, 2017-шықәса анҵәамҭазы биткоин ахәԥса иартәон 20 нызқь.