Барселонатәи аиҿагыларақәа ирыхҟьаны 35-ҩык аахақәа роуит

Испаниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ҵыԥх имҩаԥысыз Каталониа ахьыԥшымра иазкыз ареферендум аиҿкааҩцәа 25-ҩык ахара рыдуп ҳәа аӡбра анаднакыла ашьҭахь атәыла амҩадуқәа рахь ауаа цәырҵуа иалагеит ҿагыларак аҳасаб ала.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik. Испаниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Пабло Лиарена ҵыԥх имҩаԥысыз Каталониа ахьыԥшымра иазкыз ареферендум аиҿкааҩцәа 25-ҩык ахара рыдуп ҳәа аӡбра анидикыла ашьҭахь атәыла амҩадуқәа рахь ауаа цәырҵуа иалагеит ҿагыларак аҳасаб ала. Уи иахҟьаз аиҿагыларақәа раан 35-ҩык аахақәа роуит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Пучдемон Каталониа ахьыԥшымра алаҳәара аамҭақәак иаанкылазарц иҳәеит

Пучдемон аҳәамҭа ҟаиҵеит ареспубликатә Каталониа амшқәа ԥхьаӡоуп ҳәа.

Амитингқәа руак алахәылацәа Каталониа иҟоу Испаниа аиҳабыра рхыбрахь анеира рҽазыршәеит аха аполициатә кардонқәа рыԥгылеит.

Ахара здырҵо 25-ҩык каталониатәи аполитикцәа рҟынтәи 13-ҩык ҵыԥхтәи ақәгылара рыхҭнырҟьоит. Урҭ рҟынтәи хәҩык ҭакуп.

Иара убасгьы аҳәаанырцә иҟоу фҩык аполитикцәеи Карлес Пучдемони рҭакразы аордерқәа рыҭоуп.