Пучдемон Каталониа ахьыԥшымра алаҳәара аамҭақәак иаанкылазарц иҳәеит

© Sputnik / Хавьер Луэнго / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАкция в Барселоне, посвященная референдуму о независимости Каталонии
Акция в Барселоне, посвященная референдуму о независимости Каталонии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 10 рзы Каталониа аженералитет ахада Карлес Пучдемон каталониатәи апарламент адепутатцәа рҿаԥхьа дықәгыланы ареферендум аихшьаалақәа рылеиҳәеит.

АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. Жьҭаара 10 рзы Каталониа аженералитет ахада Карлес Пучдемон каталониатәи апарламент адепутатцәа рҿаԥхьа дықәгыланы ареферендум аихшьаалақәа рылеиҳәеит. Иара убри аан Пучдемон Каталониа ахьыԥшымра алаҳәара аамҭақәак иаанкыланы Испаниа аиҳабыреи дареи еиҿцәажәарц аҳәара ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Глава МИД Даур Кове - Sputnik Аҧсны
Ақаҩба: Каталониа ахьыԥшымра аҽахьазнашәо аҿагылара цәгьоуроуп

"Ажәадгала ҟасҵоит Ахьыԥшымраз Адекларациа амчра аҭара аамҭақәак иаанкыланы аиҿцәажәарахь ҳаиасырц" — иҳәеит иара адепутатцәа рҿаԥхьа дықәгыло. Иара убри аан иациҵеит Каталониа ареспублика аформа змоу ҳәынҭқарран аҟалара азин аиуит жьҭаара 1 азы имҩаԥгаз ареферендум аихшьаалақәа инарықәыршәаны ҳәа.

Жьҭаара 1 азы Каталониа ахьыԥшымразы ареферендум мҩаԥган. Иааидкыланы абжьыҭира рхы аладырхәит 2,3 миллионҩык Каталониа ауааԥсыра.

Алхырҭатә ҭыԥқәак рҟны алхыҩцәеи аполициеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Иҟоуп ахәрақәа зауз.

Испаниа акрал Фелипе VI ижәлар рахь иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ иазгәеиҭеит Каталониа аиҳабыра ареферендум амҩаԥгарала Испаниа акзаара ҵыршәааит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0