Аполитикатә хҭысқәа инарыдҳәаланы евро ахә халеит

Урыстәылатәи адипломатцәа тәылақәак рҟынтәи рықәцара инадҳәаланы амааҭ ахәԥса каҳаит.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 27 — Sputnik. Хәажәкыра 20 инаркны раԥхьаӡа акәны евро ахәԥса 71 мааҭ еиҳахеит, Урыстәылатәи адипломатцәа тәылақәак рҟынтәи рықәцара инадҳәаланы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Ашәахьаҽны аҳәамҭа ҟаҵан 14 тәылаҟынтәи 60-ҩык урыстәылатәи адипломатцәеи 12-ҩык ООН иҟоу атәыла ахаҭарнакра аусзуҩцәеи атәылаҟынтә ишықәцахо, иара убас Сиетл иҟоу Урыстәыла аконсулра хада шадыркуеи рзы.

Адоллар ахәԥса акәзар, хәажәкыра 26 асааҭ 16.38 рзы 0,15 мааҭ икаҳаит, 57,14 мааҭ артәеит, евор ахәԥса 0,31 румааҭ еиҳахеит, иартәеит 71,04 мааҭ.