Урыстәылатәи адипломатцәа рхыԥхьаӡара абжараҟынӡа еиҵатәхоит

ЕАШ (США), Канада, Украина, Евроеидгыла атәылақәа 15 рҟынтәи урыстәылатәи адипломатцәа атәыла иалцахоит ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ Сергеи Скрипаль иԥсра инадҳәаланы.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 27— Sputnik. Еиду Америкатә Штатқәа рҟны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа адипломатиатә еилазаара ахыԥхьаӡара абжараҟынӡа еиҵатәхоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ЕАШ (США) иҟоу Ацҳаражәҳәаҩ Анатоли Антонов иҟаиҵаз аҳәамҭа ҵаҵӷәыс иганы.

Британиа Европа атәылақәа ирыднагалоит урыстәылатәи адипломатцәа мап рцәыркырц

ЕАШ (США) аҳәамҭа ҟанаҵеит атәылаҟынтәи 60-ҩык урыстәылатәи адипломатцәеи 12-ҩык ООН иҟоу атәыла ахаҭарнакра аусзуҩцәеи атәылаҟынтә ишықәцахои Сиетл иҟоу Урыстәылаа консулра хада шадыркуеи рзы.

Хәажәкыра 4 рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипаль ахәшә иҭан дшьын.

Ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу амаҭәашьар А234 "Новичок" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британаитәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар абри мап ацәнакит.