Кемерово иҭахаз рҭаацәа аԥара рызшәара хацыркуп

Урыстәыла АҶА аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Владлен Аксенов адҵа ҟаиҵеит Кемеровтәи аобласт ахь инашьҭу афедералтә ԥарақәа иҭахази ааха заузи рҭаацәа рызшәара иалагарц амш ахы аҵыхәала.
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 28 — Sputnik. Кемерово ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" аҟны иҭахаз рҭаацәа аԥара рызшәара хацыркуп ахаша инаркны. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

Кемерово иҭахаз ргәалашәара мҩаԥысит Аҟәа

Иҭахази ааха заузи рҭаацәа аус рыдырулоит уахи-ҽни аԥсихологцәа. Иацы инаркны аԥарашәараз асиақәа разырхиара иаҿуп, ҳәа азгәаҭан арыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа рҭышәныртәалараз иаԥҵаз акомиссиа аилатәараҟны.

Урыстәыла АҶА аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Владлен Аксенов адҵа ҟаиҵеит Кемеровтәи аобласт ахь инашьҭу афедералтә ԥарақәа иҭахази ааха заузи рҭаацәа рызшәара иалагарц амш ахы аҵыхәала.

Ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" аҟны амцакра ҟалеит амҽышаҽны. Амца ахы акит аԥшьбатәи аихагылаҿы. Уаҟа ауп иахьыҟаз акинозалқәеи ахәмарырҭатә ҭыԥқәеи.

Аҵыхәтәантәи адырраҭарақәа рыла иҭахеит 64-ҩык.