Қарҭаа амч ахамырхәараз адокумент анапаҵҩра мап ацәыркит

Москва, Цхинвал, Аҟәа изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан Қарҭаа рахь иҟарҵаз ааԥхьара лҵшәадахеит. Қарҭаа адокумент рнапы аҵарыҩуам Аганқәа "адокумент аҵакы еиуеиԥшымкәа иахьеилыркаауа азы".
Sputnik

АҞӘА, хәажәкыра 29 — Sputnik. Қарҭаа адокумент рнапы аҵарыҩуам Аганқәа "адокумент аҵакы еиуеиԥшымкәа иахьеилыркаауа азы" ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасин иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Ҭыжәба: аԥсуа ган амч ахамырхәараз аҳәамҭа иазыԥшуп

"Атекст аганахь ала ҳазнеишьақәа еиуеиԥшым. Ҳәарада зегьы астатус ахь ауп ҳахькылырго", — иҳәеит Карасин.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра изаамҭанытәиу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны амч ахамырхәараз ҿырҳәалатәи аицҳәамҭа ҟалап ҳәа иазыԥшын.

2018 шықәса хәажәкыра 21 рзы ақырҭуа ган аҳәамҭа ҟанаҵеит амч ахамырхәараз аиқәшаҳаҭра алацәажәара ишазыхио азы.

Уаанӡа агазеҭ "Коммерсант" аҳәамҭа ҟанаҵахьан акраамҭа иззыԥшыз аицҳәамҭа азырхиара иаҿуп ҳәа.

Амч ахамырхәаразы аҳәамҭа Женева имҩаԥысуа аилацәажәарақәа ирызҵаара хаданы ишыҟац иаанхоит.