Жәларбжьаратәи акинофестиваль аартра

Sputnik

Ажиури иалахәуп: Аԥсны жәлар рартист, акинорежиссер, асценарист Виачеслав Аблоҭиа, арежиссер, асценарист Владимир Фенченко, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист, арежиссер Сергеи Пускепалис, акинорежиссер, асценарист, акомпозитор Михаил Местецки, апродиусер, актриса Елена Гликман. Ажиури ахантәаҩы –акинорежиссер, асценарист, апродиусер Анна Меликиан.

Аконкурстә программахь иалхуп 32 фильм. Афестиваль аиҿкааҩ Илона Хәарцкиаԥҳа лажәақәа рыла афестиваль иалахәхоит Европа, ИАР ртәылақәа, Урыстәыла, Марокко, Тунис, Кореиа.

1 / 9
Афестиваль алахәылацәа аԥсшәа раҳәо дықәгылеит атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба
2 / 9
Афестиваль аконкурстә программа иалахәуп 32 зметраж кьаҿу афильмқәа
3 / 9
Ажиури алахәылацәа: Аԥсны жәлар рартист, акинорежиссер, асценарист Виачеслав Аблоҭиа, арежиссер, асценарист Владимир Фенченко, арежиссер Сергеи Пускепалис, акинорежиссер, асценарист, акомпозитор Михаил Местецки, апродиусер, актриса Елена Гликман. Ажиури ахантәаҩы – акинорежиссер, асценарист, апродиусер Анна Меликиан
4 / 9
Ажиури далахәуп Аԥсны жәлар рартист, акинорежиссер, асценарист Виачеслав Аблоҭиа
5 / 9
Аконкурстә программахь иалхуп 32 фильм. Европа, ИАР ртәылақәа, Урыстәыла, Марокко, Тунис, Кореиа ртәылақәа рыҟнытә
6 / 9
Афестиваль алахәразы иаашьҭын х-нызқь инареиҳаны арзаҳалқәа
7 / 9
Аартра ацеремониа аԥсуа цәа аҟәнын. Асцена иқәыҩуан аԥсуа ашәақәа, удыршанхон амилаҭ кәашарақәа
Еизаз идырбан аԥсуа кино аҭоурых иазку авидеоролик
8 / 9
Арежиссиорцәа Ада Квираиаԥҳаи Виачеслав Аблоҭиеи еиҭарҳәеит асовет аамҭақәа рмиф: Сталини Нестор Лакобеи Аԥсны "асовет Голливуд" акәны аҟаҵара шырҭахыз.
9 / 9
Актәи жәларбжьаратәи акинофестиваль аинформациатә дгылара анаҭоит аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны