Британиатәи АИХқәа: Скрипальраа ахәшә рырҭеит абанктә ԥхьаӡамҭа анроу ашьҭахь

Лаб иҟынтәи Иулиа Скрипаль агәраргага лоуит абанктә ԥхьаӡамҭа маӡа ахылаԥшра лхахьы илгарц жәабранмза анҵәамҭазы. ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ Сергеи Скрипальи иԥҳа Иулиа Скрипальи ахәшә рыҭан хәажәкыра 4 рзы.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 3 — Sputnik. Иулиа Скрипаль жәабран анҵәамҭазы агәраргага лоуит 150 000 фунт зҭаз абанктә ԥхьаӡамҭа ахархәаразы. Абри ашьҭахь ауп Солсбери ахәшә анлырҭаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ Daily Mirror адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Лавров урыстәылатәи адипломатцәеи "Скрипаль иуси" реидҳәалара ахҳәаа аиҭеит

Агазеҭ Сергеи Скрипаль иашьа иԥҳа Викториа Скрипаль лажәақәа роуп ҵаҵӷәыс иргоит.

"Иулиа жәабран анҵәамҭазы лаб иҟынтәи агәраргага лоуит 150 000 фунт зҭаз абанктә ԥхьаӡамҭа ахархәаразы. Уи зтәу лашьа Александр иоуп", — ҳәа лҳәоит Викториа.

Агазеҭ ишаҩуа ала аԥарақәа роуит Британиатәи аҩны анырҭи ашьҭахь. Аҩны зтәыз "ҵыԥх, Санкт-Петербург еилкаам аҭагылазаашьақәа раан иҭахаз" Иулиа лашьа Александр иоуп.

ГРУ уаанӡатәи аполковник Сергеи Скрипали иԥҳа Иулиеи Лондон иахьынхоз ахәшә рыҭан. Британиатәи амчрақәа иҟалаз Урыстәыла иахарартәит.

Урыстәыла акәзар ари мап ацәнакуеит.