YouTube аштаб-квартираҿы ахысрақәа ҟалеит

Калифорниатәи ақалақь Сан Бруно аполициа ишьақәдырӷәӷәеит YouTube аштаб-квартираҿы ахысрақәа шыҟалази ԥшьҩык ауаа ахәрақәа шроузи аӡәы дышҭахази.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 4 — Sputnik. Калифорниатәи ақалақь Сан Бруно аполициа аиҳабы Ед Барберини ишьақәирӷәӷәеит YouTube аштаб-квартираҿы ахысрақәа шыҟалази ԥшьҩык ауаа ахәрақәа шроузи аӡәы дышҭахази. Ихысуаз аԥҳәыс аҵыхәтәаны лхы даехсит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ихысуаз дыԥҳәысын. Аҵыхәтәаны лара лхы деихсны лҽылшьит", — иҳәеит апресс-конференциаҟны Калифорниатәи ақалақь Сан Бруно аполициа аиҳабы Ед Барберини.

Сан-Францискотәи ахәышәтәырҭаҿ ирҳәеит хҩык ауаа ахәышәтәырҭахь ишнаго, урҭ рҟынтәи аӡәы иҭагылазаашьа шыуадаҩу.

Ателеканал ABC News аҭыԥ аҟынтәи авидео ахәаԥшцәа иднарбеит.