Москватәи ахәаахәҭратә Центр аҿы амцакра ҟалеит

Москватәи ахәаахәҭратә Центр аҿы амцакра ҟалеит. Аҭааҩцәа дәылыргоит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 4— Sputnik. Москва мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟоу ахәаахәҭратә Центр "Персей" аҟны амцакра ҟалеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Амцакра ауадаҩра а-2-тәи аранг иаҵанакуеит (ишәарҭоу ҳәа иԥхьаӡоуп). Иҟоуп ааха змоу ауаа, аҭааҩцәа рдәылгара иаҿуп", — ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Ахҭыс ҟалеит Урыстәыла зегьы аҟны Кемерово аҭыԥ змаз арыцҳара ашьҭахь агәаҭарақәа анымҩаԥырго аамҭазы.

Хәажәкыра 25 рзы Кемерово ахәаахәҭратә центр "Зимняя вишня" аҿы иҟалаз амцакра иахҟьаны иҭахеит 64-ҩык ауаа, урҭ рҟынтәи 41-ҩык хәыҷқәан.