Аиҿахысра зхылҿиааз аимак ҟалеит Шәача

Ахҭыс ҟалеит Адлер араион, Свердлов имҩаҿы ҳәа аҷаԥшьаратә хәҭахьы аҭел иасит. Аҭыԥ ахь инеиит аполициа аусзуҩцәа.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 6— Sputnik. Шәача, Адлер ариаон аҿы аиҿахысра зхылҿиааз аимак ҟалеит. Ахҭыс ашьҭахь ҩыџьа ахацәа ахәышәтәырҭахь инаргеит ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи атәылаҿацә ААР АУ апресс-маҵзура.

Ахҭыс ҟалеит Адлер араион, Свердлов имҩаҿы ҳәа аҷаԥшьаратә хәҭахьы аҭел иасит. Аҭыԥ ахь инеиит аполициа аусзуҩцәа.

"Заанаҵтәи адыррақәа рыла ахацәа рыбжьара абзазаратә ҟазшьа змаз аимак ахы ыҵнахит. Аимак аибаԥҟарахь икылнагеит. Абри ашьҭахь руаӡәк аахаҟаҵага бџьар ала егьи ишьапы даехсит. Ахысра ҟаиҵеит ҳәа агәаанагара ззыҟоу, 38-шықәса зхыҵуа ауаҩы даанкылоуп" ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҟны.

Иаанкыло аполициаа рыҟәшахьы днагоуп, егь ихаҵа – ахәышәтәырҭахь днагоуп.