Адунеиаҿ зегь иреиҳабу ҳәа ишьаз Наби Тадзима дыԥсит

Наби Тадзима 117 шықәса лхыҵуан. Адунеи аҟны зегь раасҭа ибыргыз ауаҩы ҳәа дшьан.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 23— Sputnik. Аиапон-ԥҳәыс Наби Тадзима лыԥсҭазаара далҵит асабшаҽны, ахәышәтәырҭаҿы, 117 шықәса дшырҭагылаз ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Киодо адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Амаҵзура адыррақәа рыла Наби Тадзима Гиннес ирекордқәа Рышәҟәаҿы данын адунеи зегь раасҭа ибыргу ауаҩы ҳәа. Абри аҭыԥ аҿы 2017 шықәса цәыббрамзазы лара длыԥсахит иамаикатәи Ваиолет Браун.

Наби Тадзтим дынхон адгьылбжьаха Кикаа (апрефектура Кагосима) аантәи аамҭақәа рзы лара аиарҭа даман.