ЕАШ Аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ дшьақәырӷәӷәоуп

ЕАШ асенат аҟны ишьақәдырӷәӷәеит Аԥшыхәраз Ацентртә усбарҭа (ЦРУ) уаанӡатәи ахада Маик Помпео икандидатура, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ҳәа. Иара изы асенаторцәа 100-ҩык рҟынтәи рыбжьы рҭиит 57-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 27— Sputnik. Маик Помпео ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ инапынҵақәа рынагӡара далагеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Америка адәныҟаполитикатә усбарҭа аофициалтә хаҭарнак Хезер Науерт.

"Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ Семиуел Алито аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ иҭоуба идикылт", — лҳәеит лара.

Иаарласны Помпео Бриуссельҟа днеираны дыҟоуп раԥхьатәи усутә ныҟәарыла.

Маик Помпео —Гарвард доушьҭымҭоуп. Аҳәынҭқарратә мчрақәа рахь усура днеиаанӡа дзиндырҩын.

2011-2017шш. рзы ЕАШ аконгресс аҟны аштат Канзас ахьӡала дықәгылон, аԥшыхәраз аилак далахәылан.

2017 – 2018шш. рзы Аԥшыхәраз Ацентртә усбарҭа (ЦРУ) напхгара аиҭон.