Иран адгьылҵысра ҟалеит

Адгьылҵысра азгәаҭан ақалақь Иасудж 11 километра инацәыхараны, асааҭ 04.08 рзы UTC (07.08 мск) аамҭала.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 2 — Sputnik. Аҩаша ашьыжьымҭан, змагнитуда 5,3 иҟаз адгьылҵысра азгәаҭан Ирантәи ақалақь Иасудж 11 километра инацәыхараны, асааҭ 04.08 рзы UTC (07.08 мск) аамҭала. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аекспертцәа ражәақәа рыла адгьылҵысра ахы ыҵнахит 10 километрак инаӡо адгьыл аҵантәи.

76-ҩык аахақәа роуит, урҭ реиҳараҩык ахәышәтәырҭақәа рҟны ацхыраара рырҭоит.

Иран Аҭагылазаашьа ҷыдақәа реиҿкаара ахаҭарнак Муджтаба Халиди АИХ адырра риҭеит аҭыԥ аҟны ацхырааҩцәа аусурақәа шымҩаԥырго азы.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит араион аинфраструктура аԥхасҭа шаҭоу.