Аҭоубашьҭаҵара аламҭалаз аԥошьҭатә марка ҭрыжьуеит

Аԥошьҭатә марка, "2018 шықәса лаҵара 7 рзы В.В. Путин Урыстәылатәи Афедерациа Ахада инапынҵақәа шьҭихуеит" ҳәа аҩыра зну аҟны рсахьа ҭыхуп Москватәи Кремль Спастәи абааши Асенат Ахани.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 3 — Sputnik. Владимир Путин иҭоубашьҭаҵара аламҭалаз аԥошьҭатә марка ҭрыжьуеит. Аԥошьҭатә марка, "2018 шықәса лаҵара 7 рзы В.В. Путин Урыстәылатәи Афедерациа Ахада инапынҵақәа шьҭихуеит" ҳәа аҩыра зну аҟны рсахьа ҭыхуп Москватәи Кремль Спастәи абааши Асенат Ахани ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Амарка ахышәа-ҵышәа — 37х37 мм. артәоит, аноминал — 22 мааҭ иҟоуп, тиражла 252 000 екземплиар ыҟаны ахәаахәҭрахь инеиуеит "Урыстәыла аԥошьҭа" аҟәшақәа рахь.

Амарка аҭыжьымҭаз иҭыжьхоит аконверт ҷыдеи аштемпели Москвеи Санкт-Петербурги рзы.

2012 шықәсазтәи Владимир Путин иҭоубашьҭаҵара иазкыз амарка аноминал 15 мааҭ артәон.