"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Мамед-оглы "Аҟәатәи аҩра" иазкны
"Сызлахәу адистанциаҿы аԥхьа 750 метра иӡсатәуп, нас 20 км маланыҟәала иахыстәуп, уи анаҩс 5 км иҩтәуп. Урыстәылантәи ари ацлабра рха аладырхәырц иаауа аԥышәа ду рымоуп. Ашықәс аҩныҵҟа рҽазыҟарҵоит. Ҳара ус еиԥш аҭагылазаашьа ҳамам. Уажә аԥхаррақәа анышьақәгыла ауп аӡсара ҳаналага", — азгәаиҭеит Мамед-оглы.
Аклуб "Аспорт Аԥсны" ахаҭарнак иҳәеит аспорт ауаҩы игәабзиаразы ишхәарҭоу ихаҭа инырит.
"Аспорт хәыҷи-дуи маҷ-маҷ акәзаргьы иаланагалар ауп. Сара схаҭа шықәсыкгьы ҵуам уи схы азыскыижьҭеи. Иазгәаҭатәуп, сгәабзиаразы даара ишхәарҭахаз. "Аҟәатәи аҩраҿы" схәыҷқәагьы иҩырц ргәы иҭоуп", — иҳәеит Мамед-оглы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.